Иацы, Тель-Авив иҟалаз ажәыларазы аҭакԥхықәра "Ҳамас" ахы иаднаҵеит
Иацы, Тель-Авив, Иафаҿ аҭыԥ змаз ажәыларазы аҭакԥхықәра ахахьы агеит “Ҳамас”.
Агәыԥ аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аҩтерористк – Моҳамад Месекии Аҳмед Ҳимунии “Ҳамас” иалан.
Иафа, аихамҩатә ааҭгылараҿ аҭыԥ змаз ахысраан бжьҩык ҭахеит, урҭ дреиуп Қырҭтәыла атәылауаҩы. Ахәрақәа 16-ҩык роуит. Азакәанхьчаҩцәа ишаарыцҳаз ала, ажәылара иалахәыз атерористцәа иршьит.