Иапониа адгьылҵысра ҕәҕәа амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара 84-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Иапониа адгьылҵысра ҕәҕәа амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара 84-ҩык рҟынӡа инаӡеит.
“Роитер” аинформрациала, зықьҩыла аиқәырхаҩцәа аԥсабаратә рыцҳара азонаҿ ауаа рыԥшаара иаҿуп.
Атәыла аԥыза-министр Фумио Кишида иҟаиҵаз аҳәамҭала, аиқәырхаратә операциа адгьылҵысра ҟалеижьҭеи 72 сааҭ рышьҭахьгьы инагӡоит.
“Роитер” аинформрациала, аиқәырхаҩцәа 156-ҩык реиқәырхара рылшеит, иҵегьы 79-ҩык рыԥшаара иаҿуп.
Ажьырныҳәа 1 азы Иапониа агәҭанытә ахәҭаҿы 7,6 магнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит.