Иапониа адгьылҵысра ҕәҕәа амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара 62ҩык рҟынӡа ишьҭыҵит
Иапониа адгьылҵысра ҕәҕәа амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара 62ҩык рҟынӡа ишьҭыҵит, жәаҩыла ауааҧсыра аахақәа роуит. Атәыла анапхгара рҳәамҭала, иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара иҵегьы иазҳар ҟалап.
Аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧаҿ аиқәырхаратә операциа мҩаҧысуеит.
Иапониа агәҭанытә ахәҭаҿы 7,6 магнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит.