Иаку амилаҭтә ҧышәарақәа иалагоит ҧхынгәы 3 рзы
Иаку амилаҭтә ҧышәарақәа иалагоит ҧхынгәы 3 рзы

Ахәшьараҭареи аҧышәарақәеи рзы амилаҭтә центр адыррала, сынтәа аҧышәарақәа иалагоит ҧхынгәы 3 рзы.

Аҧышәарақәа иалагоит ақырҭуа бызшәеи алитературеи рзы аҧышәарала.  Иаку амилаҭтә ҧышәарақәа хыркәшахоит ҧхынгәы  26 рзы, афизиказы аҧышәарала.

Амаҭәари арҵаҩы еиҳабы иҧышәара ҷыдеи рзы арегистрациа иахысыз ауааҧсыра аҧышәарақәа рыҭира иалагоит ҧхынгәы  5 рзы. Иара убас, ҧхынгәы 5 рзы имҩаҧгахоит астудентцәа ргранттә конкурсгьы. Амагистратура иҭалар зҭаху аҿар азеиҧш амагистртә ҧышәара рҭиуеит ҧхынгәы 17-и 18-и рзы.

„Аҧышәарақәа ррыцхәқәеи аҧышәаратә центрқәа рҭыӡҭыҧқәеи ирызку инарҭбаау аинформациа икьыҧхьуп аҧышәаратә бҕьыцқәа рҿы.

2024 шықәсазы аҧышәаратә центрқәа аадыртуеит абарҭ ақалақьқәа рҿы –  Баҭым, Ҧуҭ, Жәыргьыҭ, Озургеҭи, Қәҭешь,  Ахалцихе, Гори, Қарҭ, Русҭави, Ҭелави, Амбролаури“, – иануп Ахәшьараҭареи аҧышәарақәеи рзы амилаҭтә центр аинформациаҿы.