"Иаку амилаҭтә ҵысра" алахәылацәа апарламент иадҵаалт адепутаттә зинмчқәа раанкылара иазкны
"Иаку амилаҭтә ҵысра" алахәылацәа апарламент иадҵаалт адепутаттә зинмчқәа раанкылара иазкны

 

«Иаку амилаҭтә ҵысра» алахәыла Леван Бежашвили иҳәамҭала, еиду аоппозициа алхратә блок аҟынтә апарламент адепутатцәас иҟалаз ауааҧсыра иахьа азакәанҧҵаратә орган ахь арзаҳала аларҵеит адепутат изинмчы аанкылара иазкны. Бежашвили ишиҳәаз ала, арзаҳал аларҵеит  36ҩык апарламентарцәа.

Арегламент инақәыршәаны, апарламент алахәыла апарламент ахантәаҩы ихьӡала арзаҳал алеиҵоит, анеҩс, апарламент ахантәаҩы ари арзаҳал Апроцедуратә зҵаарақәа ркомитет ашҟа идәықәиҵоит. Нас, акомитет алахәылацәа , 15 мшы ирхымгакәа, иашьашәалоу аӡбара рыдыркылоит.

Иара убас, адепутат,  бжьымшы рыҩнуҵҟала ирзаҳал шьҭахьҟа иганы, ихатә зинмчы анагӡара далагар илшоит.