Иакоб Қаџьаиа Аолимпиада афинал ашҟа дииасит - Қырҭтәыла Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы ахьтәы медаль аиуразы даҽа шанск амоуп
Токио имҩаҧысуа Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы ақырҭуа ақәҧаҩ Иакоб Қаџьаиа афиналбжаҿы кубатәи ақәҧаҩ Акост Фернандес даҵаирхан, афинал ашҟа дииасит.
Афиналтә аицлабра уаҵәы имҩаҧысуеит. Ақырҭуа ақәҧаҩ диацлабуеит хынтәтәи аолимпиатә чемпион, абырзен-римтәи астиль аҭоурых аҿы зегьы реиҳа зыхьӡ дуу кубатәи ақәҧаҩ Михаин Лопес Нуниес.