Иԥсҭазаара далҵит Сильвио Берлускони
Иԥсҭазаара далҵит Сильвио Берлускони

86 шықәса дшырҭагылаз Иԥсҭазаара далҵит Италиа ԥасатәи аԥыза-министр Сильвио Берлускони.

Берлускони рашәара 9 инаркны Милан, Сан Рафаель ихьӡ зху ахәышәтәырҭаҿ дышьҭан, уи ахроникатә миеломоноциттә леикемиа иман.

Силвио Берлускони Италиа аԥыза-министрс 1994-2011 шықәсқәа рзы дыҟан.