67 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Ҭамаз Меҷиаури.
Ҭамаз Меҷиаури дииҭ 1954 шықәса ԥхынҷкәын 1 азы Жебота ақыҭаҿ. Далгеит Қарҭтәи Комаров ихьӡ зху афизика-математикатә школ-интернат, уи ашьҭахь – Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аинџьныртә-економикатә факультет.
2012-2016 шш. рзы аабатәи ааԥхьара апарламент далан, 2016 шықәсазы ишьаҭаиркит апартиа “Иаку Қырҭтәыла”. 2017 шықәсазы Ҭианеҭтәи амуниципалитет ахадас далхын. 2020 шықәсазы инапынҵақәа шьҭеиҵеит.
Ҭамаз Меҷиаури иԥсҭазаара далҵит акоронавирус амшала.