"Ҳезболла" алидер - Газа асектор аҿы Израиль ахаҭарнакцәа аҭынч тәылауаа ахьыршьыз азыҳәан, Ааигәа мрагылараҿ зымҽхак ҭбаау аибашьра иалагар алшоит
"Ҳезболла" алидер - Газа асектор аҿы Израиль ахаҭарнакцәа аҭынч тәылауаа ахьыршьыз азыҳәан, Ааигәа мрагылараҿ зымҽхак ҭбаау аибашьра иалагар алшоит

Газа асектор аҿы Израиль ахаҭарнакцәа аҭынч тәылауаа ахьыршьыз азыҳәан, Ааигәа мрагылараҿ зымҽхак ҭбаау аибашьра аалагар ҟалап, – иҳәеит “Ҳезболла” алидер Наим Қасем ВВС аинтервиу аҿы.

Ашеих Наим Қасем иажәақәа рыла, арегион аҟны ишәарҭоу ицәгьоу ахҭысқәа иалагар ҟалап, урҭ раанкылара аӡәгьы илшом.

„Ашәарҭа дууп, избан акәзар аҭынч тәылауаа рганахьала Израиль  агрессиа иазҳауеит, урҭ ахәыҷқәеи аҳәсеи рышьра нарыгӡоит. Ари нагӡахар, Ааигәа мрагылараҿ зымҽхак ҭбаау аибашьра аалагар ҟалап“, – иҳәеит “Ҳезболла” алидер Наим Қасем.

Қасем иажәақәа рыла, иарбанзаала аескалациа Израиль ахымҩаԥгашьа иадҳәалоуп.