Ҳельсинктәи акомиссиа ахантәаҩы жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз алхрақәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа ҟаиҵеит
Ҳельсинктәи акомиссиа ахантәаҩы Џьо Уилсон жьҭаара 26 рзы Қырҭтәыла имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа рҧаршеира иазку ахарадҵарақәеи Урыстәыла аҽалагалареи иадҳәаланы аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Аҳәамҭа ишану ала, ақырҭуа жәлар рҳәатәы хазҵо, пату рықәызҵо аиҳабыра рымазар рыхәҭоуп.
«Қырҭтәыла имҩаҧгаз алхрақәа раан асистематә аилагарақәа ирызку адырра саргәамҵуеит. Иара убас, алхрақәа рзы анырра иазку Урыстәыла аҽазкрақәагьы даараӡа сдыргәамҵуеит. Убри аҟынтә, сара Америка Аҳәынҭқарратә департаментахь ааҧхьара ҟасҵоит алхрақәа рҧаршеира иазку ахарадҵарақәа ҭырҵаарц, арҭ ахарадҵарақәа шьақәдырҕәҕәар, уи атәы еилыкка иаарыцҳарц. Ҳакт MEGOBARI Қырҭтәыла адемократиа иаҧырхагоу ауаа рхьырхәреи ахақәиҭра иазықәҧо ақырҭуа жәлар рыдгылареи иазкуп. Ақырҭуа жәлар рҳәатәы хазҵо, пату рықәызҵо аиҳабыра рымазар рыхәҭоуп», — иануп Џьо Уилсон иҳәамҭаҿы.