Ҳаванатәи абаҕәаза иҭалеит аурыс атомтә аӡаҵантәи анышь  „Казань“
Ҳаванатәи абаҕәаза иҭалеит аурыс атомтә аӡаҵантәи анышь  „Казань“

Аурыс атомтә аӡаҵантәи анышь  „Казань“  Куба аҳҭнықалақь Ҳавана  абаҕәаза иҭалеит.

Уаанӡа ари абаҕәаза иҭалахьан аҕба  „Адмирал Горшкови“, атанкер  „Академик Пашини“, Урыстәыла амшынтә мчқәа аиқәырхаратә буксир  „Николаи Чикери“.

Ҳаванатәи абаҕәазаҿ аурыс аҕбақәа рҧылара 2 церемониак мҩаҧгахоит  – хазы афрегатазы, хазы аӡаҵантәи анышь азы.

Арҭ аҕбақәа Ҳаванатәи абаҕәазаҿ игылазаауеит рашәара 12 инаркны  17-нӡа.

Урыстәыла амшынтә мчқәа рҧыза Алеқсандр Моисеев иҳәамҭала, Куба авизит мҩаҧыргоит жәларбжьаратәи аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Куба Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишазгәарҭаз ала, ари авизит Ҳаванеи Москвеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи жәларбжьаратәи апҟарақәеи  ирышьашәалоуп. Иара убас, ишырҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аурыс аҕбақәа атомтә бџьар рымам, урҭ арегион азы  ишәарҭам.