"Ҳамас" аспикер - Израиль ажәылара иалҵшәаны Газа асектор аҿы 200-250-ҩык атҟәацәа иҟоуп
"Ҳамас" аспикер - Израиль ажәылара иалҵшәаны Газа асектор аҿы 200-250-ҩык атҟәацәа иҟоуп

Израиль ажәылара иалҵшәаны Газа асектор аҿы 200-250-ҩык атҟәацәа иҟоуп. Ари ааицаит “Ҳамас” аспикер Абу Убаида ателехәаԥшрала данықәгылоз.

“Атәымтә тҟәацәа ҳасасцәа роуп”, – иҳәеит Абу Убаида. Иажәақәа рыла, атәым тҟәацәа хьчаны, “иашьашәалоу аҭагылазаашьа аныҟало, рхы иақәиҭыртәоит”.

Абу Убаида ишазгәеиҭаз, “Ҳамас” аибашьцәа Израиль адәытә операциа иацәшәом, урҭ иазыҟаҵоуп.

“Ҳамас” аспикер Газа асектор ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит рынхарҭақәа аанмыжьырц, избан акәзар ари Мысра амилаҭтә шәарҭадара аԥырхагоуп.