"Ҳамас" аинформациала, Израиль аҟны аамҭалатәи аинышәара амч аиуеит абҵара 23, асааҭ 10:00 инаркны
"Ҳамас" аинформациала, Израиль аҟны аамҭалатәи аинышәара амч аиуеит абҵара 23, асааҭ 10:00 инаркны

“Ҳамас” аинформациала, Ираиль аҟны аамҭалатәи аинышәара амч аиуеит абҵара 23, асааҭ 10:00 инаркны. Ари ааицҳаит аиҿкаара ахаҭарнак Муса Абу Марзук.

Аму Марзук иажәақәа рыла, атҟәацәа реиҳараҩык атәым тәылауаа роуп.

Израиль аминистрцәа ркабинет “Ҳамас” аҟны атҟәацәа рхақәиҭтәра иазку аиқәшаҳаҭра абжьаҵара адгылеит. Израиль аԥыза-министр иофис аланарҵәаз аинформациала, ԥшьымш ирылагӡаны 50-ҩык израильтәи атҟәацәа рхы иақәиҭыртәоит 150-ҩык палестинатәи атҟәацәа рцынхәрас.