GWP – Қарҭ аӡылеиқәыршәаратә амагистральтә  аҳаҿ аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит фымш рышьҭахь
GWP – Қарҭ аӡылеиқәыршәаратә амагистральтә  аҳаҿ аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит фымш рышьҭахь

Қарҭ аӡылеиқәыршәаратә амагистральтә  аҳаҿ аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит фымш рышьҭахь. Ари аинформациа аланарҵәеит аилахәыра GWP.

«Рашәара  17 инаркны уахгьы-ҽынгьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧысуеит. Абыжьбатәи терасса аргылара иаҿуп. Адгьылтә  усурақәа инарываргыланы,  аӡымҩангагақәа ргәаҭара иаҿуп. Адгьылтә усурақәа рхыркәшара анеҩс,  аҧхасҭа змоу аӡымҩангагақәа аҭыҧаҿыҵәҟьа идырҽеиуеит», — иануп аилахәыра аинформациаҿы.