Гудаурии Кобии еимыздо амҩатә хҵәахаҿы ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра ҟалом
Қырҭтәыла Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра иаҵнакәа Автомобилтә мҩақәа рдепартамент аинформациала, амш цгьа иахҟьаны, Қырҭтәыла автомобилтә мҩақәак рҿы аԥкрақәа шьақәгылоит, жәларбжьаратәи аҵакы змоу Мцхеҭа-Степанҵминда-Ларс(Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаа) автомобилтә трасса Гудаури (Ԥоста) -Коби ахҵәахаҿы Гудаури-Коби ахҵәахаҿы ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра ҟалом.
„Аԥсабаразы амилаҭтә агентра аинформациала, жәларбжьаратәи аҵакы змоу Мцхеҭа-Степанҵминда-Ларс автомобилтә трассаҿ aвтотрaнспорт еиҭaҵыр aлшоит иaaнымгылaӡaкәa, Гудаурии (Ԥоста)-Кобии ахҵәахаҿ – aсыҧсaҿагыларатә тоннельқәа рыла мацара”, – иануп информациа аҿы.