Гудаури-Коби амҩатә цыҧҵәахаҿы автотранспорт лас ала аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп
Гудаури-Коби амҩатә цыҧҵәахаҿы автотранспорт лас ала аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп
Қырҭтәыла Автомобилтә мҩақәа рзы адепартамент адыррақәа рыла, арыцқьаратә усурақәа рыбзоурала, Гудаури-Коби амҩатә цыҧҵәахаҿы автотранспорт лас ала аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп.
Гудаури (Поста) — Коби амҩатә цыҧҵәахаҿы ацраҳәагақәа змоу атранспорт ала аиҭаҵра ҟалом, егьырҭ атранспорттә хархәагақәа зегьы абжьааҧнытә режим ала еиҭаҵуеит.
Автотранспорт аиҭаҵра иахылаҧшуеит апатрультә полициа.