Гудаури-Коби амҩатә цыҧҵәахаҿы ацраҳәагақәа змоу амашьынақәа рыла аиҭаҵра ҟалом
Жәларбжьаратәи аҵакы змоу Мцхеҭа-Степанҵминда-Ларс автомобилтә трасса Гудаури (Ԥоста)-Коби аҵыҧҵәахаҿы асоуреи аҵааи амшала, ацраҳәагақәа змоу амашьынақәа рыла аиҭаҵра ҟалом, егьи атранспорт зегьы аиҭаҵра алшоит, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра иаҵнакуа Автомобилтә мҩақәа рдепартамент аҟынтә.
“Автомобилтә мҩақәа рдепартамент аинформациала, Гудаури (Ԥоста)-Коби ацыҧҵәахақәа рҿы амашьынақәа еиҭаҵуеит иаанымгылакәа, асыҧсаҽыхьчаратә аҳаҧкылҵәақәа ирылсны”, – иануп аусҳәарҭа аинформациа аҿы.