Григол Лилуашвили Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩы Виорел Мошану диҧылеит
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура анапхгаҩы Григол Лилуашвили Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩы Виорел Мошану диҧылеит.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адырра ишану ала, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла имыпҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьеи ашәарҭадара аусхкы аҿы иҟоу апроблемақәеи ирылацәажәеит.
«Аганқәа рхаҭарнакцәа урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа рыла Қырҭтәыла атәылауаа рышьра афактқәеи закәандарала иаанкылоу ауааҧсыра зыҧшра ҟамҵакәа рхақәиҭтәра ахымҧадареи иалацәажәеит. Иара убас, хшыҩзышьҭра азун абордеризациа апроцесс.
Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа ампыҵахалатә цәаҳәа иаҧну аҵакырадгьылқәа рҿы аҭышәынтәалара аиқәыршәараҿы иҟарҵо алагала ду.
Аганқәа рхаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит уажәазы иҟоу аиҿцәажәаратә форматқәа зегьы, Женеватәи адискуссиақәагьы инрылаҵаны, қәҿиарала рхархәареи рырҕәҕәареи ахымҧадара», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.