Григол Лилуашвили – Ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа закәандарала иааныркылаз ауааҧсыра рҭаацәарақәа агәра дсыргар сҭахуп Қырҭтәыла атәылауаа зегьы рхы ишақәиҭхо, аҳәынҭқарра уи алшоит
Григол Лилуашвили – Ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа закәандарала иааныркылаз ауааҧсыра рҭаацәарақәа агәра дсыргар сҭахуп Қырҭтәыла атәылауаа зегьы рхы ишақәиҭхо, аҳәынҭқарра уи алшоит

«Ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа закәандарала иааныркылаз ауааҧсыра рҭаацәарақәеи ҳаҭыр зқәу адепутатцәеи  агәра дсыргар сҭахуп Қырҭтәыла атәылауаа зегьы рхы ишақәиҭхо», — иҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура анапхгаҩы  Григол Лилуашвили, апарламент аҿы ари амаҵзура аусура иазку   2021 шықәсатәи аҳасабырба анцәыригоз.

Григол Лилуашвили иҳәамҭала, аҳасабырбаҿы иарбоу аамҭа иалагӡаны, Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа рыла Аҧсны ахырхарҭала закәандарала  аанкылоуп 11ҩык, Цхинвал ахырхарҭала  70ҩык.

«2021 шықәса анҵәамҭаз иҟаз аҭагылазаашьа ала, закәандарала иҭакуп быжьҩык мацара Қырҭтәыла атәылауаа, Иракли Бебуагьы данрылаҵаны.   Ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа закәандарала иааныркылаз ауааҧсыра рҭаацәарақәеи ҳаҭыр зқәу адепутатцәеи  агәра дсыргар сҭахуп Қырҭтәыла атәылауаа зегьы рхы ишақәиҭхо. Қырҭтәыла аҳәынҭқарра уи алшоит, уи шыҟаҵатәу аадыруеит», — иҳәеит  Лилуашвили.