Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура анапхгаҩы Григол Лилуашвили НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ицхырааҩ Девид Кеттлер диҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.
Аусбарҭа адыррала, аиҧылараҿы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи НАТОи русеицура иалацәажәеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа Украина аҭагылазаашьа цәгьеи, ари аҭагылазаашьа Европеи Қырҭтәылеи ршәарҭадаразы иамоу анырреи иазааҭгылеит. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура анапхагаҩы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ицхырааҩ аинформациа наӡа ииҭеит арегион аҿы иҟоу ашәарҭарақәеи аҳасабтәқәеи ирызкны.
«Қырҭтәыла – зегьы раасҭа НАТО иазааигәоу апартниорцәа иреиуп. Иаҳзеиҧшу ашәарҭадара ахьчара аус аҿы Қырҭтәыла иҟанаҵаз алагала ду ахә ҳшьоит. Иара убас, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аус ацаауеит, ҳусеицура ҳажәларқәа рыхьчара иазкуп. Уажәазы апартниорра зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп», — иҳәеит Девид Кеттлер.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррала, аиҧылараан иаҵшьны иазгәаҭан НАТОи Қырҭтәылеи рыбжьара кыршықәсатәи апартниорреи астратегиатә еизыҟазаашьақәеи хымҧада ишынагӡатәу.