Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура анапхгаҩы Григол Лилуашвили Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитон диҧылеит.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррала, аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа ашәарҭадара аусхкы аҿы Британиа Дуи Қырҭтәылеи русеицуреи рстратегиатә партниорреи аҵакы азгәаҭаны, ҳаҧхьаҟа аусеицура арҭбааразы иҟоу алшарақәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирылацәажәеит.
Григол Лилуашвилии Марк Клеитони Қырҭтәыла аҿаҧхьа иқәгылоу арегионалтә шәарҭарақәагьы ирылацәажәеит.
Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду аҵҳаражәҳәаҩ Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура анапхгаҩы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ашәарҭадара аусхкы аҿы аусеицуразы.