Гәыҧҩык атәылауаа асасааирҭа „Тифлис Палас“ аҧхьа акциа мҩаҧыргоит
Гәыҧҩык атәылауаа асасааирҭа „Тифлис Палас“ аҧхьа акциа мҩаҧыргоит

Гәыҧҩык атәылауаа асасааирҭа „Тифлис Палас“ аҧхьа акциа мҩаҧыргоит.

Акциа алахәылацәа рҳәамҭала, зыӡбахәы ҳәоу асасааирҭаҿы Урыстәылантә иааиз ауаа рҽалархәрала аконференциа мҩаҧысуеит. Акциа алахәылацәа асасааирҭа акәтаҕьқәа агәыдырҵеит.

„Қырҭтәыла астудентцәа адәахьы идәылҵны, аурыс закәан иадҳәаланы апротест аныҟарҵо аамҭазы,  ФСБи КГБи  агентцәа Қарҭ агәҭаны ҭынч акаҳуа ажәра азин рымам“, – иҳәеит акциа алахәылацәа руаӡәы.

Акциа алахәылацәа рҳәамҭала,  дара асасааирҭантә Русҭавели имҩаду ашҟа инеины, уаагьы  „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәанпроект иаҿагыланы апротест ҟарҵоит.