«Сыҷкәын, ус баша, дааҧсаны дыҟоуп, ма дгәамҵуеит ҳәа сгәы иаанагом, агәра ганы сыҟоуп ахәшәқәа шиҧырхагоу», — илҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили иан Гиули Аласаниа Гори ажурналистцәа данрацәажәоз.
Лара Саакашвили ихәышәтәра иадҳәаланы азгәаҭақәа лымоуп, ишылҳәаз ала, Гортәи агоспиталь ахь даннарга, мышқәак рышьҭахь иҭагылазашьа еиҕьхеит, уажәы еиҭах деицәахеит.
«Ковид имарианы ихигеит. Сара лассы-лассы Киев снеиуан, амч илан, активла аусура даҿын, игәы бзиан, уажәы зынӡаск ҽакалоуп дшыҟоу. Азҵаарақәа сызцәырҵит, изакәызаалак гарантиак сымам. Сара аҳақьымцәа ракәӡам сызлацәажәо, аҳақьымцәа бзиазаргьы ҟалап, аха, ифатә иахылаҧшуада? Абри зегьы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура анапаҿы иҟоуп, саҭамзааит, аха, рыгәра згом», — илҳәеит Гиули Аласаниа.