Гиули Аласаниа - Саакашвили Қырҭтәыла анапхгара ашҳам ирҭеит ҳәа рхараиҵом, сара зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит сҧа игәабзиара аицәахара ала аполитикатә хырҳагара аиура иаҟәыҵырц
«Сҧа ақырҭуааи Қырҭтәыла анапхгареи ашҳам ирҭеит ҳәа рхараиҵом. Ишьа, иҧсҭазааразы ишәарҭоу ашҳам алазаргьы, иара атәым ҳәынҭқарроуп уи зхараиҵо», — илҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили иан Гиули Аласаниа.
Гиули Аласаниа ишылҳәаз ала, ишыҟазаалакгьы, уи ақырҭуа ҳәынҭқарра иаҿагыло апровокациоуп.
Лара ауааҧсыра зегьы рахь ааҧхьара ҟалҵеит лҧа игәабзиара аицәахара ала аполитикатә хырҳаагара аиура иаҟәыҵырц.
«Зегьы ираҳаратәы аҳәамҭа ҟасҵар сҭахуп — сҧа ақырҭуааи Қырҭтәыла анапхгареи ашҳам ирҭеит ҳәа рхараиҵом. Ишьа, иҧсҭазааразы ишәарҭоу ашҳам алазаргьы, уи аҕас ихәаҧшуа атәым ҳәынҭқарроуп изхараиҵо. Абарҭ атестқәа Америка иреиҕьу алабораториаҿ, Калифорниа иҟаҵан, иреиҕьу атоксикологцәа роуп анализ ҟазҵаз. Дара ррепутациа иазхәыцуеит, ииашам аихшьаала ҟарҵом. Ишыҟазаалакгьы, уи ақырҭуа ҳәынҭқарра иаҿагыло апровокациоуп. Ауааҧсыра зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит сҧа игәабзиара аицәахара ала аполитикатә хырҳагара аиура иаҟәыҵырц. Араҟа ауаҩы иеиқәырхара азҵаара иқәгылоуп, сҧа иеиқәырхара. Анык еиҧш пату сықәҵаны, шәҽаанышәкыларц сшәыҳәоит. Сҧа ақырҭуа политика алахәызаара игәы иҭам, убри аҟынтә, аӡбарҭа ақәҵара иаша аднакылап ҳәа сгәыҕуеит. Иарбанызаалак аспекулиациақәа сҧа игәабзиара еицәартәуеит, сҧеи иҭаацәареи раҳаҭыр ладырҟәоит», — илҳәеит Гиули Аласаниа.