Гиви Миканаӡе  2020 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа рылҵшәақәа рыҭҵааратә комиссиа дахагылоит
Гиви Миканаӡе  2020 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа рылҵшәақәа рыҭҵааратә комиссиа дахагылоит

2020 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа рылҵшәақәа рыҭҵааратә комиссиа дахагылоит Гиви Миканаӡе. Акомиссиа амаӡаныҟәгаҩс далырхит Давиҭ Зилфимиани.

Акомиссиа алахәылацәа аоппозициа ахаҭарнакцәагьы ирыдаргалеит акомиссиа аусура рхы аладырхәырц.

Апарламенттә аиҳара ишазгәарҭаз ала, алхрақәа ҧаршеин ҳәа аоппозициаа иқәдыргыло ахарадҵара аҵыхәа ҧҵәатәуп,  убри азыҳәан акомиссиа аформат даараӡа ибзиоуп. Анапхгаратә гәыҧ алахәылацәа рҳәамҭала, аоппозициаа алхрақәа ҧаршеин ҳәа рҳәоит, аха изакәызаалак шьақәырҕәҕәагак цәыррымгацт.