«Гирчи» ахаҭарнакцәа рҳәамҭала, дара иалырхыз бжь-зҵаарак рҟынтә акы адымхаргьы, иӡбахар, апарламент абоикот иаҟәыҵуеит
Апартиа «Гирчи» рплан аӡыргара мҩаҧыргоит иахьа асааҭ 15:00 рзы.
«Гирчи амҩа» — амч аиуеит аоппозициеи атәыла анапхгареи изеиқәшаҳаҭымхар.
«Гирчи» апарламент абоикот иаҟәыҵуеит «Ақырҭуа гәахәтәы» абарҭ бжь-зҵаарак рҟынтә акы адымхаргьы, аҭыҧқәҵара иақәшаҳаҭхар:
. Анеҩстәи апарламенттә алхрақәа зегьы инеизакны апропорциатә системала имҩаҧгахоит;
. хазхаҭалатәи абжьаратә аҵара (хазхаҭалатәи ашколқәа) аҳәынҭқарра ахылаҧшра аҟынтә рхы иақәиҭзаауеит;
. араионтә полициа ашерифцәа алырхуеит аҭыҧантәи ауааҧсыра;
. актәи аинстанциа аӡбаҩцәа алырхуеит ажәлар, ишиашоу абжьыҭира ала, ахара зду ауаҩҧсы иара ихала аӡбаҩ далихыр илшоит;
. атәылаҿы амультивалиутатә режим азы азин иҟазаауеит;
. ареституциа — аоппозициаа иззеиқәшаҳаҭхо апунктқәа инрықәыршәаны;
. Марихуана алегализациа наӡа мҩаҧгахоит;
Ажәабатәи ааҧхьара апарламент абарҭ апунктқәа рҟынтә акы нарыгӡар, «Гирчи» апарламент иалаланы, ареформақәа рымҩаҧгара рҽаладырхәоит», — иануп апартиа аҳәамҭаҿы.