„Ақырҭуа гәахәтәы“ мраҭашәаратә хырхарҭа хықәкыла иазыҟарҵо асаботаж амшала, Қырҭтәыла, мраҭашәаратә партниорцәа иазоурышьҭыз жәабала миллиард ацхыраара ацәыӡыр ауеит, уи ҳуааҧсыра рыҧсҭазаашьа цәгьала ианыҧшуеит, – иануп аполитикатә партиақәа „Гирчи“, „Аҕмашенебели истратегиеи“, „Дроаи“ еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭа авторцәа ишазгәарҭаз ала, Америка Сенат адәныҟатәи аусзқәа рзы акомитет иҟанаҵаз акритикатә аҳәамҭа инақәыршәаны, ҳаҧхьаҟа, Қырҭтәыла аҧаратә цхыраара аиуеит аҧхықәрақәа рынагӡара инақәыршәаны.
„2023 шықәсатәи абиуџьет мацараҿ 2 миллиард лари афинанстә цхыраареи 45 миллион лари агранти рыла еиуеиҧшым апроектқәа рынагӡара иазҧхьагәаҭоуп. Арҭ апроектқәа иреиуп аиновациақәеи атехнологиақәеи рырҿиареи, афымцамҩангагатә аҳа арҿиареи, автомагистраль лас аргылареи, арегионалтәии амуниципалтәи инфраструктура арҿиареи, арегионқәа аӡыла реиқәыршәара аиҕьтәреи, ашколтә инфраструктура арҿиареи, апандемиа ашьҭахьтәи аҭагылазаашьа ахылаҧшреи, агросектор аҿиара ацхрааареи, амелиорациатә система амодернизациеи, қарҭтәи аметро апроекти, убас агьырҭгьы“ – иануп аҳәамҭаҿы.