Гиа Вольски - Импыҵахалоу Аԥсны апарламент аӡбареи ампыҵахаларатә мчреи де-факто анапхгареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра аратификациа, аилаҩеиласра ду ахылҵуеит
Гиа Вольски - Импыҵахалоу Аԥсны апарламент аӡбареи ампыҵахаларатә мчреи де-факто анапхгареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра аратификациа, аилаҩеиласра ду ахылҵуеит

Импыҵахалоу Аԥсны апарламент аӡбареи ампыҵахаларатә мчреи де-факто анапхгареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра аратификациа, аилаҩеиласра ду ахылҵуеит, – иҳәеит апарламент авице-спикер Гиа Вольски.

Гиа Вольски иажәақәа рыла, анапхгаратә гәыԥ ахҭысқәа икылкааны рыцклаԥшуеит, аҳәамҭа хара имгакәа ҟанаҵоит.

„Ари аилаҩеиласра ду ахылҵуеит. Ахҭысқәа икылкааны ҳрыцклаԥшуеит, ари атема иадҳәаланы аҳәамҭа хара имгакәа ҟаҳҵоит. Урыстәыла аҵакырадгьылқәа азҭаз,  аоппозициа ахәҭа уҳәан-сҳәан ада акгьы иаҿым. Арадикалтә ҳәамҭақәа изыҟашәымҵои ҳәа анырҳәо арадикалтә ҳәамҭақәа ак аԥсахра рылшоит ҳәа ргәы иаанагоит. Аҳәамҭақәа еснагь ҟҳҵоит урҭ ианаҭаху аамҭазы, иҳадаҳкылаз арезолиуциақәа, ишьақәҳарӷәӷәеит иҳамоу апозициа. Аоппозициаа рхаҭарнакцәа аҭагылазаара арцәгьара рҭахуп, аха ари аҭагылазаашьа ашьақәыргыларазы аҭакԥхықәра дара ирыдуп”, – иҳәеит Вольски.

Урыстәыла ала импыҵахалоу Аԥсны апарламент аҳәынҭқарратә дача “Пицунда” Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит.