«Ҳара аплебисцит акәымкәа, алхрақәа мҩаҧаагеит », — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски.
«Ҳара аҭагылазашьа иашьашәаланы аихшьаала ҟаҳҵароуп. Ҳара аплебисцит акәымкәа, алхрақәа мҩаҧаагет. Ажәлар абарҭ алхрақәа раан рпозициа аадырҧшит. Алхрақәа рылҵшәақәа гәҩарас рыҟаҵара ҟалом, уи ажәларгьы атәыла аинтересқәагьы ирҧырхагахоит», — иҳәеит Гиа Вольски.
Иахьа апартиа «Гирчи» ахаҭарнак Иаго Хвичиа ишьақәирҕәҕәеит иацы аоппозициа атәылаҿы иҟоу ацҳаражәҳәаҩцәа ирырҭаз аҳәарақәа ишреиу аплебисцитгьы. Иара ишиҳәаз ала, азҵаара абас иқәыргылатәуп — изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгара шәақәшаҳаҭума?.