Гиа Вольски - Аӡәгьы игәы иаанамгааит 2008 шықәсазы Саакашвили Урыстәыла иеиҭаз зегьы иахьа гәахәарыла иҳаздырхынҳәуеит ҳәа, ари ахырхарҭала аусура ду мҩаҧгатәуп
Аӡәгьы игәы иаанамгааит 2008 шықәсазы Саакашвили Урыстәыла иеиҭаз зегьы иахьа гәахәарыла иҳаздырхынҳәуеит ҳәа, ари ахырхарҭала аусура ду мҩаҧгатәуп, – иҳәеит „Ақырҭуа гәахәтәы“ алахәыла Гиа Вольски.
Ажурналистцәа Вольски иазҵааит Лавров иҳәамҭа иахиҳәаауа. Лавров ишиҳәаз ала, Урыстәыла Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҟны аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵараҿы Қырҭтәыла ацхраара иазыхиоуп.
„Лавров итема иадҳәаланы аоппозициаа иҟарҵаз аҳәамҭақәа ҳаҳаит. Ҳҵакырадгьыл 20% Урыстәыла иарҭеит, Урыстәыла Аахыҵ Кавказаҿ иаҳа иҕәҕәахарцаз ирылшоз зегьы ҟарҵеит. Урыстәыла ишиашо аимадарақәа рышьақәыргылараҿы иҳҧырхагахом, ари аҳәамҭа цәгьам. Аӡәгьы игәы иаанамгааит 2008 шықәсазы Саакашвили Урыстәыла иеиҭаз зегьы иахьа гәахәарыла иҳаздырхынҳәуеит ҳәа, ари ахырхарҭала аусура ду мҩаҧгатәуп. Ианаҭаххалак, Евроеидгыла, ахатә программа дуқәа рыла ари апроцесс аҽаланархәоит. Ҧаса аформатқәа иҟан, аизыҟазаашьақәа рганахьала аҧышәа ду ҳаман, Саакашвилии ҧырхагамзар акгьы ҟазымҵаз игәыҧи ари апроцесс рҽаларгалаанӡа. Уажәы, аџьабаа ду баны, абарҭ аформатқәа ҳархынҳәроуп“, – иҳәеит Вольски.