Герт Иан Копман - Акандидат тәыла астатус аиура ԥхьаҟа иҟаҵоу идуӡӡоу шьаҿоуп, аха сгәы шаанаго ала, шәара иҵегьы ақәҿиара дуқәа реихьӡара шәҭахуп
Герт Иан Копман - Акандидат тәыла астатус аиура ԥхьаҟа иҟаҵоу идуӡӡоу шьаҿоуп, аха сгәы шаанаго ала, шәара иҵегьы ақәҿиара дуқәа реихьӡара шәҭахуп

Европатәи амҩаҿ Қырҭтәыла ари астатус қәнагарала аиуит, – иҳәеит Еврокомиссиа арҭбаара азҵаарақәа рзы адиректорат хада анапхгаҩы Герт Иан Копман ацҳаражәҳәаҩцәа 202 шықәсатәи рконфренциа аартраҿы данықәгылоз.

„Европатәи амҩаҿ Қырҭтәыла ари астатус қәнагарала аиуит. Ихадоу ароль нарыгӡеит ацҳаражәҳәаҩцәа, аевропатәи аҭаацәара алалаара шәнапхгара мацара аркәым, шәыжәлар ргәахәтәы ду ауп.

Сгәы шаанаго ала, ашықәс ҿыц алшара ҿыцқәа аанагоит. Акандидат тәыла астатус аиура ԥхьаҟа иҟаҵоу идуӡӡоу шьаҿоуп, аха сгәы шаанаго ала, шәара иҵегьы ақәҿиара дуқәа реихьӡара шәҭахуп”, – иҳәеит Герт Иан Копман.