Германтәылеи Франциеи рыцҳаражәҳәаҩцәа еицыҟарҵаз ааҧхьара - Қырҭтәыла иҟоу аполитикатә мчқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит хықәкык азы рҽеидкыланы, уи анагӡаразы аус еицырурц
Қырҭтәыла иҟоу Германтәылеи Франциеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Шераз Гасрии Петер Фишери аҳәамҭа еицыҟарҵеит.
„2023 шықәса ҧхынҷкәын азы Евроеидгылеи Қырҭтәылеи аҭоурыхтә ҵакы змоу алшара роуеит: Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара. Уи Қырҭтәылеи Евроеидгылеи акыраамҭа ирыбжьоу апартниорреи аиҩызареи анеҩстәи етапхар ауеит, уи Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалара ауп изызку.
Қырҭтәыла иҟоу аполитикатә мчқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит хықәкык азы рҽеидкыланы, уи анагӡаразы аус еицырурц.
Ари аганахьала, Евроеидгыла аҳҭнықалақьқәеи аструктурақәеи рахь уажәааны Қырҭтәылантә имҩаҧгаз, иара убас, ҳаҧхьаҟа имҩаҧгахо авизитқәа ҳарзыразуп“, – азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.