Германтәылеи Франциеи, Британиа Дуи Еаш-и ЕАР аҳәара азырышьҭит Урыстәыла ала Украина џьамтәылатәи дронқәа рхархәара афакт ҭырҵаарц
Германтәылеи Франциеи, Британиа Дуи Еаш-и ЕАР аҳәара азырышьҭит Урыстәыла ала Украина џьамтәылатәи дронқәа рхархәара афакт ҭырҵаарц

Германтәылеи Франциеи, Британиа Дуи Еаш-и ЕАР аҳәара азырышьҭит Урыстәыла ала Украина џьамтәылатәи дронқәа рхархәара афакт ҭырҵаарц.

Аԥшь ҳәынҭқаррак агәынамӡара аадырԥшит Џьамтәыла Урыстәыла дронқәа ахьанаҭаз азы.

ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антонио Гутиереш иахь ишьҭыз ашәҟәы ЕАШ анапхгара ишазгәанаҭо, џьамтәылатәи дронқәа Украина ицәырҵит нанҳәа анҵәамҭазы. Германтәылеи Франциеи, Британиа Дуи Еаш-и рҳәамҭаҿ ишану ала, ари ЕАР ашәарҭадаратә хеилак 2231-тәи арезолиуциа аилагароуп.