Германтәыла, Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам ҳәынҭқаррақәас иазхаҵаны, дара рҟны амиграциа аусхкы аҿы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ргәы иҭоуп
Германтәыла, Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам ҳәынҭқаррақәас рызхаҵара ргәы иҭоуп. Deutsche Welle адыррала, ари аҳәамҭа ҟалҵеит Германтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Ненси Фезер.
«Аҩ-ҳәынҭқаррак Евроеидгыла иалалар рҭахуп. Арҭ атәылақәа рҿы ауаа аполитикатә ашьаҭала ирышьҭам. Насгьы, арҭ атәылақәа руааҧсыра рацәа Германтәыла ахыҵакырҭа иаҳәоит, зыӡбахәы ҳәоу аҳәынҭқаррақәа шәарҭам ҳәа иазхаҳҵар, азакәандаратә миграциа армаҷра ҳалшоит», — илҳәеит аминистр анемец АИХқәа аинтервиу анрылҭоз.
Фезер лҳәамҭала, Германтәыла, Қырҭтәылеи Молдовеи рҟны амиграциа аусхкы аҿы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ргәы иҭоуп. Аминистр ишазгәалҭаз ала, Молдовеи Қырҭтәылеи аҭакҧхықәра ргоит Германтәыла анхара азин змам ртәылауаа шьҭахьҟа рырхынҳәразы.
«Уи абзоурала, Германтәыла аҭаареи, аҵара аиуреи зҭаху ауааҧсыра ашанс ду роуеит», — илҳәеит Ненси Фезер.