Германтәыла ҧасатәи аканцлер  Герхард Шредер  «Роснефть» адиректорцәа рхеилак далҵит
Германтәыла ҧасатәи аканцлер  Герхард Шредер  «Роснефть» адиректорцәа рхеилак далҵит

Германтәыла ҧасатәи аканцлер  Герхард Шредер  «Роснефть» адиректорцәа рхеилак далҵит. Ари аинформациа аланарҵәеит аилахәыра   «Роснефть» ахаҭа.

Аинформациа ишану ала,   Герхард Шредери Маттиас Варниги аргама аарыцҳаит аилахәыра адиаректорцәа рхеилак аҿы рзинмчқәа рынагӡара шыҟамло.

Уаанӡа германтәылатәи АИХ  аҿы аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, Европарламент Германтәыла ҧасатәи аканцлер Герхард Шредер асанкциақәа изышьақәыргылара иазыхиоуп, уи мзызны аарыцҳаит Шредер урыстәылатәи аҳәынҭқарратә анефҭ еилахәыра  «Роснефть» аҟны имоу аимадарақәа.