Германтәыла атәылахьчара аминистр лажәақәа рыла, ашықәс актәи абжаҿ Германтәылантә Украина "Мардер" атип змоу атанкәа аиур ҟалап, "Леопардқәа" ирызку аӡбара макьана рыдрымкылацт
Германтәыла атәылахьчара аминистр лажәақәа рыла, ашықәс актәи абжаҿ Германтәылантә Украина "Мардер" атип змоу атанкәа аиур ҟалап, "Леопардқәа" ирызку аӡбара макьана рыдрымкылацт

Германтәыла атәылахьчара аминистр Кристин Ламбрехт лажәақәа рыла, ашықәс актәи абжаҿ Германтәылантә Украина “Мардер” атип змоу атанкәа аиур ҟалап.

“Ашықәс  актәи абжаҿ Германтәылантә Украина “Мардер” атип змоу атанкәа аиурц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны аӡбарақәа ҳадаҳкылоит. Ҳара Украина еиуеипшым асистемақәа рыла ҳацхраауеит, артиллериеи, аҳауатә тәылахьчаратә системақәа рыла”, – илҳәеит аминистр.

Кристин Ламбрехт ишылҳәаз “Леопардқәа” ирызку аӡбара макьана рыдрымкылацт.