Германтәыла атәылахьчара аминистр - Европа агәра ханаҵароуп ахыхьчара шалшо, избанзар арратә шәарҭа  цәырҵыр алшоит
Германтәыла атәылахьчара аминистр - Европа агәра ханаҵароуп ахыхьчара шалшо, избанзар арратә шәарҭа цәырҵыр алшоит

Европа агәра ханаҵароуп ахыхьчара шалшо, избан акәзар аратә шәарҭа ҿыцқәа цәырҵыр ҟалап , – иҳәеит Германтәыла атәылахьчара аминистр Борис Писториус.

Писториус иажәақәа рыла, Урыстәыла Украинаҿ аибашьра анагӡаразы абџьар ааглыхра еиҳанатәит, иара убас Балтиатәи атәылақәеи, Қырҭтәылеи Молдовеи ирықәмақаруеит.

„Ҳара, европаа, аконтинент аҿы ашәарҭадарааиқәыршәара иаҳа активла ҳҽалархәроуп”, – иҳәеит Пасториус.

Германтәыла атәылахьчара аминистр ишазгәеиҭаз ала, Вашингтон Украина афинанстә цхырааразы аиқәшаҳаҭра алымшар, ари акомпенсациа Европа ақәшәоит.