Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа ирыдҳәалоу OSCE/ODIHR заанаҵтәи аихшьаала ҳақәшаҳаҭуп
Германтәыла иацы Қырҭтәыла имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа ирыдҳәалоу OSCE/ODIHR заанаҵтәи аихшьаала ҳақәшаҳаҭуп, – иануп Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.
„Аибарххаратә ҭагылазаашьеи аилагарақәеи ирызку адыррақәа ҳгәы ҧыржәоит, абри зегьы ириашатәуп, иаҧыхтәуп. Германтәыла Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа ирыцклаҧшуеит, аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит амчылареи аполиаризациеи иаҟәыҵырц. Алхрақәа рылҵшәақәа аус рыдулареи аиҳабыра аиҿкаареи апроцессгьы европатәи амҩаҿ Қырҭтәыла иаиуа апрогресс ианыҧшуеит“, – иануп Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.