Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Ҳара хаангьы Путин иҳәахьа ҳзақәгәыҕуам
Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Ҳара хаангьы Путин иҳәахьа ҳзақәгәыҕуам

Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәамҭала, аҭынчра ашьақәыргылара иадҳәаланы Урыстәыла иқәнаргылаз аҳәарақәа Европа аҵакырадгьыл аҿы аибашьра ҿыц рхылҵыр ауеит.

Аналена Бербок ари аҳәамҭа ҟалҵеит АИХ аинтервиу анрылҭоз.

Лара лажәақәа рыла,  Владимир Путин Мраҭашәара аҭынчратә еиҿкаара еилеигеит, убри аҟынтә, абри гәымбылџьбаратә ажәылара аҿагыларазы Украина ацхраареи ҳаҧхьаҟа иҟалар зылшо ажәыларақәа рҽацәыхьчареи аҭахуп.

«Ҳара хықәкык ауп иҳамоу  — Украина ауааҧсыреи ҳхылҵи аҭынчра рзеиқәыршәара. Ҳара аибашьра аҟамзаара мацара акәӡам ҳазлацәажәо, абжьааҧнытә ҧсҭазаара ашәарҭадарагьы аҵакы ду амоуп. Аха, Путин Европаҿ иҳамаз аҭынчратә аиҿкаара иқәихит. Егьа иҳҭаххаргьы, жәабран 24-нӡа иҟаз аҭагылазаашьашҟа ҳзыхынҳәуам.   Ҳара хаангьы Путин иҳәахьа ҳзақәгәыҕуам, — илҳәеит  Бербок.