Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр лгәаанагарала, Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара иахәҭам
Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр лгәаанагарала, Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара иахәҭам

Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Анналена Бербок лгәаанагарала, Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара иахәҭам. Ари аинформациа аланарҵәеит Deutsche Welle.

Бербок лажәақәа рыла, мраҭашәаратә тәылақәа аибашьра аҽацәыхьчаразы ирылшоз зегьы ҟарҵеит, аха, Урыстәыла ахада аҭынратә еиҿцәажәарақәа аанкыланы, акгьы зхарам атәыла арбгара даҿуп.

Анналена Бербок ишылҳәаз ала,  Урыстәыла агуманитартә корридорқәа рзгьы аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара аҭахым, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы Украина бџьарла аиқәыршәара ада уаҳа ҧсыхәак иҟам.

Бербок  лҳәамҭала, аибашьра алагамҭаз Украина бџьарла аиқәыршәара азҵаараҿы Германтәыла апозициа усҟак иҕәҕәамызт, убри аҟынтә балтиатәи атәылақәа Германтәылахь агәрамгара рызцәырҵит.

«Балтиеи Мрагыларатә Европеи атәылақәа аханатәгьы абри зегьы иацәшәон, аха, ҳара уи иахәҭаз хшыҩзышьҭра аҳамҭеит. Уажәы европатәи мрагылараевропатәи аполитика ҿыц ҳҭахуп», — илҳәеит Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр.