Генри Киссинџьер  - Аҩбатәи аибашьра хьшәашәа актәи аасҭа иаҳа шәарҭахоит
Генри Киссинџьер  - Аҩбатәи аибашьра хьшәашәа актәи аасҭа иаҳа шәарҭахоит

Аҩбатәи аибашьра хьшәашәа актәи аасҭа иаҳа шәарҭахоит, иҳәеит Америка ҧасатәи аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ  Генри Киссинџьер испаниатәи аҭыжьымҭа El Mundo аинтервиу анеиҭоз.

Киссинџьер ишиҳәаз ала,  Китаии Америкеи рыбжьара аибашьра хьшәашәа иалагар ауеит.

Америка ҧасатәи аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ игәаанагарала, аҩ-ҳәынҭқаррак аекономикатә ресурсқәа рымоуп, Америкеи Асовет Еидгылеи рыбжьара иҟаз раҧхьатәи аибашьра хьшәашәаан уи еиҧш аҭагылазаашьа иҟамызт.

Генри Киссинџьер иажәақәа рыла, уажәазы  Пекини Вашингтони еиҿагылоуп.

Уаанӡа, Китаи адәныҟатәи аусқәа рминистр Ван И  Генри Киссинџьер данҧылоз ишиҳәаз ала, Китаии Америкеи рыбжьара  «аибашьра хьшәашәа ҿыц» иалагар, уи адунеи зегьы азы арыцҳара духоит.