"Гардиан" аинформациа ала, Џьамтәыла ахада Ибрагим Раиси дзықәтәаз  агьежьԥрыга ԥшаауп
"Гардиан" аинформациа ала, Џьамтәыла ахада Ибрагим Раиси дзықәтәаз агьежьԥрыга ԥшаауп

Апшаара-аиқәырхаратә гәыԥқәа Џьамтәыла ахада Ибрагим Раиси игьежьԥрыга рыԥшааит, – аанацҳаит “Гардиан” џьамтәылатәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра адыра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Агьежьԥрыга иҭатәаз Џьамтәыла ахада Ибрагим Раиси егьырҭ ахаҿқәеи ргәабзиара иазкны макьана идырым.

Џьамтәыла ахада Ибрагим Раиси Тегеранҟа дызлахынҳәуаз агьежьԥрыга Мрагыларатә Азербаиџьан апровинциаҿы икаҳаит. Аҭыҧашҟа идәықәлеит аиқәырхаратә гәыԥқәа.