Гамбургтәи аҳаирбаҕәазаҿ бџьарла еибыҭаз ахаҵа аполициа иҽриҭеит
Гамбургтәи аҳаирбаҕәазаҿ бџьарла еибыҭаз ахаҵа аполициа иҽриҭеит

Гамбургтәи аҳаирбаҕәазаҿ бџьарла еибыҭаз ахаҵа аполициа рыҽриҭеит. Ари аинформациа аланарҵәеит «Би-би-си».

АИХ адыррала, уажәазы уаҟа ашәарҭара иҟам. Зыӡбахәы ҳәоу ахаҵа ицыз ахәыҷгьы ишәарҭам аҭыҧаҿ дыҟоуп.

Абҵара 4 рзы, асааҭ  20:00 рзы,  аҭырқәа хаҵак, ҧшьышықәса зхыҵуа аӡҕаб диманы, маӡала аҳаирбаҕәаза дҭалан, авиаеилахәыра  Turkish Airlines  аҳаирплан аҧхьа даангылеит. Иара иҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧнагон аҭыҧантәи аполициа.  Абри ахҭыс амшала иаци иахьеи имҩаҧысраны иҟаз ареисқәа аҧыхын.