Гаити иҟалаз аӡхыҵра амшала 15ҩык иреиҵамкәа ҭахеит
Гаити иҟалаз аӡхыҵра амшала 15ҩык иреиҵамкәа ҭахеит

Гаити иҟалаз азхыҵра амшала 15ҩык иреиҵамкәа ҭахеит, ааҩык хабарда иӡит.

Гаити атәылауаҩратә ахьчара агентра адыррақәа рыла, 13 400ҩык аевакуациа рызуп.  Аҧсабаратә рыцҳара амшала атәыла  зехьынџьара  зқьыла аҩнқәа аӡы рхыҵәеитит,  заанаҵтәи адыррақәа рыла, 7400 ҭаацәарақәа азарал ду роуит, аха, аофициалтә хаҿқәа азарал  аҧхьаӡара нарыгӡоит.

Рашәара 3 рзы Гаити иалагаз ақәоурацәгьа аӡхыҵра дуи адгьылҳәазареи ахылҵит.