Габриелиус  Ландсбергис -  Украинеи Қырҭтәылеи астратегиатә шәарҭадара алырхит, ҳара Урыстәыла аган аҟынтә ашәарҭа иҭагыло атәылақәа ҳрыцхраар ҳалшоит
Габриелиус  Ландсбергис -  Украинеи Қырҭтәылеи астратегиатә шәарҭадара алырхит, ҳара Урыстәыла аган аҟынтә ашәарҭа иҭагыло атәылақәа ҳрыцхраар ҳалшоит

«Урыстәыла Украина иаҿагыланы зымҽхак дуу аибашьразы рҽазыҟарҵоит ҳәа ҳгәы иаанагоит, уи аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь зеиҧшҟамлац хҭысхоит. Убри аҟынтә, ҳара уи азыҳәан ҳахиазароуп», — иҳәеит Литва адәныҟатәи аусқәа рминистр  Габриелиус  Ландсбергис  Бриуссель имҩаҧысуаз Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реилатәара иалагаанӡа.

Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла аган аҟынтә ашәарҭара иҭагыло атәылақәа рыцхраара алшара иҟоуп.

“Сгәы ишаанаго ала, иахьатәи адискуссиаҿы ахадаратә ҵакы амазаауеит  Украина азҵаара.   Урыстәыла Украина иаҿагыланы зымҽхак дуу аибашьразы рҽазыҟарҵоит ҳәа ҳгәы иаанагоит, уи аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь зеиҧшҟамлац хҭысхоит. Убри аҟынтә, ҳара уи азыҳәан ҳахиазароуп. Мраҭашәаратә дунеи абарҭ ахҭысқәа иахәҭоу ақәҿыҭра арҭароуп.  Америка аҟынтәгьы аҭак ҕәҕәа ҳаҳароуп», — иҳәеит  Ландсбергис.