Габриелиус Ландсбергис - Қырҭтәыла Евроеидгыла амҩаҿ аанхозар, шьапык ала Москва агылара ҟалом
Габриелиус Ландсбергис - Қырҭтәыла Евроеидгыла амҩаҿ аанхозар, шьапык ала Москва агылара ҟалом

Қырҭтәыла Евроеидгыла амҩаҿ аанхозар, шьапык ала Москва агылара ҟалом, —иҳәеит апрессконференциа аҿы Лиетува Адәныҟатәи аусқәа рминистр Литвы Габриелиус Ландсбергис.

«Ари азакәан аиҳабыра згәамԥхо иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рыҿагыларазы шәхы иашәырхәар шәҭахызар, урҭ ирҳәо шәгәамԥхозар, уи аԥсахра шәара ишышәҭаху еиԥш ишәылоит, аха ари ихадоу хықәкыс ишәымазар, ари адемократиа ианаалом.

Ҳара еиуеиԥшым азакәанқәа ҳамоуп – ашәахтәқәеи, аԥаратә аиагарақәеи уҳәа уб. егь. ирызку азакәанқәа, аха ҳара иҳгәамԥхо ахаҿқәа ма аиҿкаарақәа ирызку азакән ҳамам. Қырҭтәыла хәҭак адемократиа анадгыло, даҽа хәҭак анаҿагыло аамҭазы, аконсенсус ашьақәыргылара ҟалом. Акомпромисс азыҟалом”, – иҳәеит апрессконференциа аҿы Лиетува Адәныҟатәи аусқәа рминистр Литвы Габриелиус Ландсбергис.