Габриелиус Ландсбергис игәаԥхом Қырҭтәыла адокумент аҿы евроинтеграциа аанкылара ахьаным
Лиетува Адәныҟатәи аусқәа рминистр Габриелиус Ландсбергис игәаԥхом Қырҭтәыла иадҳәалоу адокумент аҿы евроинтеграциа афактла аанкылара атәы ахьаным. Ландсбергис ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Лиуксембург имҩаԥысуа Евроеидгыла Адәныҟатәи аусқәа рхеилак еилатәара иалагаанӡа.
„Адокумент аҩбатәи апункт Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа иазкуп. Аха Қырҭтәыла иадҳәалоу адокумент аҿы евроинтеграциа афактла аанкылара атәы ахьаным исгәаԥхом, сгәы шаанаго ала, ари иацҵатәуп”, – иҳәеитЛиетува Адәныҟатәи аусқәа рминистр.
Иахьа Лиуксембург Евроеидгыла Адәныҟатәи аусқәа рхеилак еилатәара мҩаԥысуеит, аилатәараҿ Қырҭтәыла азҵаарагьы иахәаԥшуеит.