Гаагатәи аӡбарҭа ишышьақәнаргылаз ала, Малаизиатәи Боинг  карыжьит ахаҧшьгаратә Донецктәи ареспублика амчқәа изхылаҧшуа аҵакырадгьыл аҟынтәи
Гаагатәи аӡбарҭа ишышьақәнаргылаз ала, Малаизиатәи Боинг  карыжьит ахаҧшьгаратә Донецктәи ареспублика амчқәа изхылаҧшуа аҵакырадгьыл аҟынтәи

Гаагатәи аӡбарҭа   2014 шықәса ҧхынгәы азы Донецктәи атәылаҿацәаҿ  „Малаизиатәи авиацәаҳәақәа иртәу апассаџьыртә Боинг акаҳара аус“ азы ақәҵара аднакылеит.

Аӡбарҭа ақәҵара инақәыршәаны,  MH17 ареис назыгӡоз аҳаиплан Снежное ақалақьаҿ иҟоу Первомаиски араион аҟынтә идәықәҵаз аракета  „Бук“ ала икарыжьит.

Аҳаиплан анкаҳа аамҭазы зыӡбахәы ҳәоу аҵакырадгьыл иахылаҧшуан ахаҧшьгаратә  „Донецктәи жәлартә республика“ амчқәа.

Аӡбаҩцәа ргәаанагарала, аҳаирплан акаҳара аан  асепаратисттә Донецктәи ареспублика анапхгара Урыстәыла ахылаҧшра аҵаҟа иҟан.

Амстердамынтә Куала-Лумпурҟа иҧыруаз авиалаинер иақәтәан  298ҩык апассаџьырцәа. Аҳаирплан карыжьит  2014 шықәса ҧхынгәы  17 рзы. Апассаџьырцәа иреиун  80ҩык ахәыҷқәа.  Нидерланди Австралиеи аиҳабырақәа зыӡбахәы ҳәоу аҳаирплан акаҳаразы аофициалла аҭакҧхықәра наӡа Урыстәыла иадырҵеит.