G7 иалоу аҳәынҭқаррақәа Украина аҳаиртә хыхьчара арӷәӷәараҿ ацхыраара азаадырԥшуеит, иара убас Украина адгыларазы 2023 шықәсазы 32 миллиард доллар алырхуеит
G7 иалоу аҳәынҭқаррақәа Украина аҳаиртә хыхьчара арӷәӷәараҿ ацхыраара азаадырԥшуеит, иара убас Украина адгыларазы 2023 шықәсазы 32 миллиард доллар алырхуеит

G7 иалоу аҳәынҭқаррақәа Украина аҳаиртә хыхьчара арӷәӷәараҿ ацхыраара азаадырԥшуеит. Ари аты аалыцаит Германтәыла Адәнҟыатәи аусқәа рминистр Аналена Бербок даниатәи лколлега иҟны аиԥылараҿ.

Германтәыла актәи адипломат ЕАШ аднакылаз аӡбара дадгылеит. ЕАШ Украина аракетаҭархагатә система “Петриот” аҭара аӡбара аднакылеит.

“Украина азааҳарԥшуа ацхыраара ахәҭа хада ауп аҳаиртә тәылахьчара, избан акәзар Украина ахырхарҭала ишьҭу урыстәылатәи араета цыԥхьаӡа украинатәи ауаажәлар рыргәаҟра ауп иаанаго. Убри аҟынтә G7 иалоу аҳәынҭқаррақәа Украина аҳаиртә тәылахьчара арӷәӷәараҿ ацхыраара азаадырԥшуеит. Аҳаиртә хыхьчара аԥсҭазаара аиқәырхара ауп иаанаго”, – илҳәеит Бербок.
Иара убас аларҵәара зауз адыррақәа рыла, G7 иалоу атәылақәа Украина 2023 шықәсазы адгылара аҳасаб ала 32 миллиард доллар азалырхуеит.