Гьаргь Зақарашвили – Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Украина ибзиаӡаны ирдыруеит урыстәылатәи аинтервенциа раҧхьатәи амш инаркны ҳара иҳалшо ала Украина ҳшадгыло

22:22, 05.07.2023

Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь  Зақарашвили Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Евгени Перебииниси иареи реиҧылара дахцәажәеит.

Ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала, аиҧылараҿы  Евгени Перебиинис аҳәара иқәиргылеит иара  48 сааҭ рыҩныҵҟа Киев дықәҵны, Михаил Саакашвили изҵааразы аконсультациақәа рымҩаҧгара амзызла Қырҭтәылаҟа дхынҳәырц.

«Хәылбыҽхан Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Евгени Перебиинис сиҧылеит,  иара Михаил Саакашвили изҵааразы Украина апозициа сеиҳәеит.  Анеҩс,  Украина ахада ихьӡала исеиҳәеит 48 сааҭ рыҩныҵҟа Киев сықәҵны, Михаил Саакашвили изҵааразы аконсультациақәа рымҩаҧгара амзызла Қырҭтәылаҟа схынҳәырц.  Убри аамҭазы, украинатәи аган аилыркаарақәа рысҭеит Қырҭтәыла ари азҵаара ишазныҟәо азы, иаҵшьны иазгәаҭан Украина анапхгара иқәдыргылаз аҳәареи дара ргәамҵреи шьаҭак шамам, Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵара алагьы ишышьақәырҕәҕәо Михаил Саакашвили изинқәа зегьы шыхьчо.

Аиҧылараҿы иазгәаҭан абри ахҭыс ҩ-ганктәи еизыҟааашьақәа рҿиара ишаҧырхагоу.

Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан украинатәи аган уезгьы ибзианы ишырдыруа урыстәылатәи аинтервенциа раҧхьатәи амш инаркны ҳара иҳалшо ала Украина ҳшадгыло», — иҳәеит Гьаргь Зақарашвили.

Еиԥшу